Кока Кацитаӡе  - Ҳхадаратә х-ҧыжәарак роуп – иҳаракӡоу ахаҭабзиареи, иаарту аусеилыргареи, атәылауаа рзинқәа рыхьчареи
Кока Кацитаӡе  - Ҳхадаратә х-ҧыжәарак роуп – иҳаракӡоу ахаҭабзиареи, иаарту аусеилыргареи, атәылауаа рзинқәа рыхьчареи

Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда анапхгаҩы  Кока Кацитаӡе ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара апарламенттә комитет аҿы дықәгылан, амаҵзура аусураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, ихьыҧшым Аусеилыргаратә маҵзуразы ахадаратә ҵакы рымоу х-хырхарҭак – иҳаркӡоу ахаҭабзиареи, аусеилыргара аартызаареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи, абри ахырхарҭала иахәҭоу аусура амҩаҧгаразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵоуп.

«Адунеи зехьынџьара аусеилыргаратә органқәа рзы ахадаратә хықәкуп ауаажәлар рыгәрагара аиура. Зны-зынла ауааҧсыра ари аорган иахәаҧшуеит иарку структурак аҳасабала. Убри аҟынтә, ҳара, ахадаратә ҧыжәарақәас иҳәаақәаҳҵеит иҳаракӡоу ахаҭабзиареи, иаарту аусеилыргареи, атәылауаа рзинқәа рыхьчареи», — иҳәеит  Кока Кацитадзе.