Коба Гвенетаӡе Карл Ҳарцель диҧылеит
Коба Гвенетаӡе Карл Ҳарцель диҧылеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада Коба Гвенетаӡе,   абанк аофис хадаҿы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель диҧылеит.  Аиҧылараҿы иалацәажәеит Украина имҩаҧысуа аибашьра иахылҵыз аекономикатә проблемақәа.

Коба Гвенетаӡе ацҳаражәҳәаҩ изеиҭеиҳәеит Амилаҭтә банк иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирызкны. Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк имҩаҧнаго аполитика абзоурала, афинанстә сектор апандемиа иахылҵыз ихьанҭаӡаз афаза иахысит, уажәазы арегион аҿы аҭагылазаашьа амшала апотенциалтә финанстә  шәарҭарақәа рызцәырҵар ауеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура ахымҧадара, насгьы, ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәагьы ирзааҭгылеит.