Анаҩстәи адебатқәа раан арезолиуциа ҳадаҳкылоит, ҳара ақырҭуа жәлар даҽазнык адгылара рзааҳарҧшуеит, сара уи сеигәырҕьоит, – илҳәеит Европарламент алахәыла Клер Муди актәи аканал ажурналистцәа данрацәажәоз.
Уи лҳәамҭала, аурыс арбџьармчқәа Қырҭтәыла иалҵроуп.
“Арезолиуциаҿы еилыккаа иаарҧшуп Европарламент апозициа. Евроеидгыла амониторинг амиссиа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рышҟа инеиратәы алшара рымазароуп. Аҧсни Аахыҵ уаҧстәылеи ирықәынхо ауааҧсыра рзинқәа реилагара иаҟәыҵроуп. ауаҩы ишьаҭанкылатә зинқәа хьчазароуп. европарламент Қырҭтәыла аиҳабыра рҭынчратә инициатива иақәшаҳаҭуп. Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреиа ҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит, ” – илҳәеит Европарламент алахәыла.
Уи ишазгәалҭаз ала, арезолиуциаҿы Арчил Татунашвили иусгьы иалацәажәоит.
Иахьа Европарламент аҿы Қырҭтәыла иазку адебатқәа мҩаҧысраны иҟоуп. Уаҟа иқәгылоит Еврокомиссиа авице ахада, адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Федерика Могерини.