Клаус Иоҳанис - Румыниа Қырҭтәыла евроатлантикатәи ашьҭазаарақәа рыдгылаҩс аанхоит, ари апроцесс аҿы шәпартниос шәҳаԥхьаӡароуп
Русыниа ахада Клаус Иоҳанис иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны атстратегиатә партниорра иазку адекларациа рнапқәа аҵаҩын,ари ала ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәа рҿы аҭоурыхтә момент шьақәгылеит.
Румыниа ахада ишазгәеиҭаз ала, Румыниа Қырҭтәыла евроатлантикатәи ашьҭазаарақәа рыдгылаҩс аанхоит, ари апроцесс аҿы шәпартниос шәҳаԥхьаӡароуп.
„Рашәаразы европатәи аперспектива ахьшәоуз даҽазнык ишәыдысныҳәалар сҭахуп. Аинтеграциа еиуеиԥшым аструктуратә реформақәа ирыдҳәалоуп, урҭ аполитика, адемократиа ганахьала аҵак ду рымоуп.
Румыниа Қырҭтәыла евроатлантикатәи ашьҭазаарақәа рыдгылаҩс аанхоит, ари апроцесс аҿы шәпартниос шәҳаԥхьаӡароуп. Ари 2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбамҭа иашьашәалоуп”, – иҳәеит Румыниа ахада.