Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Агәра ганы сыҟоуп Анаклиатәи абаҕәаза апроект «Маҟак мҩак»-и «Абжьаратә корридор»-и аинициативақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусеицураҿы ахадаратә ҵакы шаиуа
«Агәра ганы сыҟоуп Анаклиатәи абаҕәаза апроект «Маҟак мҩак»-и «Абжьаратә корридор»-и аинициативақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусеицураҿы ахадаратә ҵакы шаиуа», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Чжоу Цзань.
Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, уи Китаии Қырҭтәылеи еицынарыгӡо раҧхьатәи проектым.
«China Communications Construction Company Limited – Fortune 500 асиа иануп. Уи адунеиаҿ зегьы реиҳа иҕәҕәоу еицырдыруа аилахәырақәа иреиуп. Ишыжәбо еиҧш, ари агәыҧ иаҿагылоу санкциакгьы иҟам. Америка аҧара ззоунашьҭуа аналитикатә центқәа иаладырҵәо адезинформациа шәахәаҧшыр, уи зыҟарҵо еилышәкаауеит. Анаклиатәи апроект иадҳәаланы шықәсқәак раҧхьа имҩаҧгаз раҧхьатәи атендери уи ашьҭахь иҟалаз ахҭысқәеи шәгәалашәыршәар, адезинформациа изаладырҵәо еилышәкаауеит.
Анаклиатәи апроект – Китаии Қырҭтәылеи еицынарыгӡо раҧхьатәи проектым. Агәра ганы сыҟоуп Анаклиатәи абаҕәаза апроект «Маҟак мҩак»-и «Абжьаратә корридор»-и аинициативақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусеицураҿы ахадаратә ҵакы шаиуа», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.