Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Абжьаратә корридор апроект қәҿиарала инагӡахар, уи Қырҭтәыла аекономикатә аҿиара даараӡа иацхраауеит, ҷыдала, алогистика аусхкы аҿы
Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Абжьаратә корридор апроект қәҿиарала инагӡахар, уи Қырҭтәыла аекономикатә аҿиара даараӡа иацхраауеит, ҷыдала, алогистика аусхкы аҿы

«Украина акризис ианалага ашьҭахь, Европеи Азиеи еимыздаша амҩақәа рыҧшаара азҵаара иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит, Абжьаратә корридор аперспектива ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ  Чжоу Цзиан.

Иара иажәақәа рыла, Абжьаратә корридор ақәҿиара ахылҵырц азыҳәан, уи хымҧада иалахәызароуп Евроеидгылеи Китаии.

«Обиективла иаҳҳәозар, Абжьаратә корридор аперспектива бзиа амоуп. Қырҭтәыла  хырҳагара злоу агеографиатә ҭыҧ амоуп, насгьы, Украина акризис ианалага ашьҭахь, Европеи Азиеи еимыздаша амҩақәа рыҧшаара азҵаара иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит, убри аҟынтә, Абжьаратә корридор аперспектива бзиа амоуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Аха, абраҟа факторк аҵакы ду амоуп  – Абжьаратә корридор ақәҿиара ахылҵырц азыҳәан, уи хымҧада иалахәызароуп Евроеидгылеи Китаии.  Избанзар,  Китаи  – Азиаҿ идуӡӡоу економикоуп, Евроеидгыла  — Европа идуӡӡоу економикоуп, дара хымҧада ари апроект иалахәызароуп, уи Казахстан, Азербаиџьан, Қырҭтәыла уҳәа, ари апроект алахәылацәа зегьы хырҳагара рзаанагоит. Абжьаратә корридор апроект анагӡара мариам. Араҟа аинфраструктура аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла аихамҩатә инфраструктура макьана усҟак иҽеим, уи аҧара ду аҭахуп. Китаии Қырҭтәылеи аинфраструктура аргылара аусхкы аҿы аусеицура аҧышәа ду рымоуп, ҳара наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла аинфраструктура аиҕьтәра апроцесс алахәызаара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Китаи ацҳаражәҳәаҩ.