Киев аганахь Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит  31ҩык рҟынӡа, урҭ  хәҩык рылоуп
Киев аганахь Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит  31ҩык рҟынӡа, урҭ хәҩык рылоуп

Киев аганахьала Урыстәыла имҩаҧнагаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  31ҩык рҟынӡа, урҭ рҟынтә хәҩык хәыҷқәан. Ари атәы ааицҳаит Украина ахада Владимир Зеленски.

Иара иҳәамҭала, зынӡа 159ҩык ахәрақәа роуит. Владимир Зеленски ишиҳәаз ала, ҧхынгәы азы Урыстәыла Украина ажәыларазы ахы анархәит  5 100 иреиҳаны аҳаиртә бомбақәеи,  3 800 иреиҳаны адронқәеи,  260 раҟара еиуеиҧшым аракетақәеи, урҭ рҟынтә 128 абаллистикатә ракетақәа ракәын.

„Аҧшаара-аиқәырхаратә операциа хыркәшоуп. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла  31ҩык ҭахеит, урҭ рҟынтә хәҩык хәыҷқәан. Зегьы иреиҵыз ҩышықәса мацара ихыҵуан.  159ҩык ахәрақәа роуит,  16 ахәыҷқәа инрылаҵаны. Москва иаҳа иџьбараны иақәыҕәҕәатәуп, иҵегьы асанкциақәа азышьақәыргылатәуп. Аҕа аҭынчуаа ржәылара наигӡоит, адунеи ҿымҭ иаанымгылароуп, уи аҵакы ду амоуп. Ҳажәлар ирыдгылаз зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит.  Ахада Трамп, евраопатәи алидерцәа, егьырҭ ҳпартниорцәа аҭагылазаашьа зеиҧшроу рбоит, дара ҕәҕәала Урыстәыла иақәыӡбоит, уи ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп“, – иҳәеит Владимир Зеленски.