Келли Дегнан - Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиеи, атерриториатә акзаара аилагареи ирызкны  Қырҭтәыла ахатә позициа ибзиаӡаны аанарԥшит
Келли Дегнан - Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиеи, атерриториатә акзаара аилагареи ирызкны Қырҭтәыла ахатә позициа ибзиаӡаны аанарԥшит

Қыртыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа Украина иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәеит. Ацҳаражәҳәаҩ ишаалыцҳаз жәларбжьаратәи аиҩызареи ЕАШ-и Украина адгылара азаадырԥшуеит.

“Апарламент ахантәаҩы иҟны аиԥылара бзиа мҩаԥызгеит.  Вашингтон исымаз аконсультациақәеи Украина иҟоу аҭагылазаашьеи ҳрыхцәажәит.  Вашингтон саныҟаз аиԥыларақәа раан америкатәи аган Қырҭтәыла евроатлантикатә амҩаҿ адгылара изныкымкуа аанарԥшит,” – илҳәеит Дегнан.

“Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиеи, атерриториатә акзаара аилагареи ирызкны Қырҭтәыла ахатә позициа ибзиаӡаны аанарԥшит. Жәларбжьаратәи аиҩызара асанкциақәа аланагалеит. ЕАШ Украиан миллиард доллар иаԥсоу арратә цхыраара азаанарԥшит.

Ҳара Украина ҳадгылоит. Ари азҵаараҿ ҳпозициақәа еиԥшуп,” – илҳәеит Келли Дегнан.