Келли Дегнан украинатәи аҧшыхәра аҳәамҭа иадҳәаланы - Абри аҩыза аиҿагылара аҟынтә Урыстәыла мацароуп хырҳагара зауа
«Сара аганқәа зегьы акы еиҧшымкәа срыҳәоит ари азҵаара ишахәҭоу ала аилыргареи аӡбареи зуалу аҳәынҭқарратә каналқәа рахь ииаргарц», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
«Уи исериозу ҳәамҭоуп, исериозу ахараҵароуп. Ҳәарада, ари азҵаара еилыргатәуп, Қырҭтәылеи Украинеи рнапхгара роуп уи ҟазҵаша. Қырҭтәыла аиҳабыра аргама аарыцҳаит абри аҩыза азинеилагарақәа ҟалашьа шрымам. Лассы-лассы ирҳәалоит абри гәымбылџьбаратә еибашьра аӡәгьы изааникылом ҳәа. Ҳәарада, Путин иоуп уи зылшо, избанзар иара иоуп аибашьра иалагаз. Иара иқәыҕәҕәара азоуп асанкциақәа зышьақәыргылоу. Абри ақәыҕәҕәара алҵшәа ахылҵырц азыҳәан, ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, асанкциақәа наҳагӡароуп. Ҳәарада, ҳара ҳахшыҩ азышьҭны ари апроцесс ҳацклаҧшуеит», — илҳәеит Келли Дегнан.
Ажурналистцәа Америка ацҳаражәҳәаҩ илазҵааит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа иазкны. Келли Дегнан ишазгәалҭаз ала, ари азҵаара аҳәынҭқарратә каналқәа рыла иӡбатәуп.