Келли Дегнан – Қырҭтәылазы иреиҳаӡоу аиааирахоит ишәарҭам европатәи адемократиа ҕәҕәа аргылара
«Иеиду Аштатқәа Қырҭтәыла иадгылоит аперспектива змоу, иҭышәынтәалоу, адемократиатә европатәи ҳәынҭқарра аргылараҿы. 30 шықәса рацәоуп ҳәа угәы иаанагар ауеит, аха, уи алагамҭа мацароуп. Қырҭтәылазы иреиҳаӡоу аиааирахоит ишәарҭам европатәи адемократиа ҕәҕәа аргылара. Америка жәлар згәыдурала абри апроцесс иалахәып», — илҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Америкеи Қырҭтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
«Адемократиа аргылара апроцесс аҿы Америка Қырҭтәыла иацхраауеит. Ҳара Қырҭтәыла иазоуҳашьҭит 6 миллиардк адоллар ацхыраара, Қырҭтәыла аҳәаақәа зыхьчо 20 нызқьҩык аруаа аханатә иазыҟаҳҵеит, аҵаратә программақәа рҳәақәа ирҭагӡаны 6 нызқьҩык Америкаҟа идәықәҵоуп. Иара убас, ҳара, ҳәарада, Қырҭтәыла аекономикатә прогресси, азакәан аиҳаӡареи, адемократиатә напхгараҭареи ҳацхраауеит. Абри зегьы ззыҟаҳҵои? Избанзар, Қырҭтәыла ауааҧсыра рыгәра ҳгоит, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш шамоу агәра ҳгоит», — илҳәеит Келли Дегнан.
Келли Дегнан Украиа имҩаҧысуа аибашьрагьы дазааҭгылеит.
«Аукраин жәлар рфырхаҵара уамашәа иаабоит, дара рхы иамеигӡакәа аурыс агрессиа иаҿагылоуп. Қырҭтәыла абарҭ ахҭысқәа ахьаа ҷыдала ишрыцклаҧшуа здыруеит, избанзар аинтервенциа ампыҵахалареи иаанаго жәдыруеит. Украина иаҿагылоу аурыс агрессиа даҽазнык иҳгәаланаршәоит ахақәиҭра иазықәҧо ауаа зегьы аидгылара шрыхәҭоу, иахьа апартниорра зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. иахьа Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы жәларбжьаратәи ауаажәларра рыгәҭагьы акзаареи аидгылареи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп», — илҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.