Келли Дегнан – Қырҭтәыла ахатә хадаратә адгылаҩцәа ирцәыхарахоит, уи ақырҭуа жәлар ринтереқәа ирышьашәалам
Келли Дегнан – Қырҭтәыла ахатә хадаратә адгылаҩцәа ирцәыхарахоит, уи ақырҭуа жәлар ринтереқәа ирышьашәалам

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан ишылҳәаз ала,  иуадаҩӡоу аамҭазы политикцәақәак Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара аимак аиҿкаара зырҭаху лзеилкаауам. Ацҳаражәҳәаҩ ари аҳәамҭа ҟалҵеит  «Америка абжьы» аинтервиу аналҭоз.

«Урыстәыла аилаҩынтәреи абгареи ианаҿу аамҭазы, Қырҭтәылеи уи апартниорцәеи зеиҧшҟамлац ала еидгылазароуп, аҭынчреи ашәарҭадареи аиқәыршәареи урыстәылатәи агрессиа аҿагылареи азыҳәан  аус еицыруроуп.  Иуадаҩӡоу аамҭазы политикцәақәак Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара аимак аиҿкаара зырҭаху сзеилкаауам.

Қырҭтәыла Америка еиҳау аҩыза дамам. Ҳара  иҭынчу адемократиатә Қырҭтәыла аргылара аус аҿы ақырҭуа жәлар рыдгылара наҳагӡоит. Қырҭтәыла ахатә хадаратә адгылаҩцәа ирцәыхарахоит, уи ақырҭуа жәлар ринтереқәа ирышьашәалам. Ҳтәылақәа рпартниорра ҕәҕәа аҩ-ҳәынҭқаррак ирзыфеидоуп.  Ҳусеицуреи ҳпартниорреи нагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит  Келли Дегнан.