Келли Дегнан   Қырҭтәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара шамамзаауа азы Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа дазыразуп
Келли Дегнан   Қырҭтәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара шамамзаауа азы Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа дазыразуп

«Аҧыза-министр ажәа ҳаиҭеит Қырҭтәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара шамамзаауа азы, ҳара уи даараӡа ҳаигәырҕьеит, ари апроцесс ҳацклаҧшуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.

АИХ ахаҭарнакцәа Келли Дегнан  маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирызкны илазҵааит. Дегнан ишылҳәаз ала, Америказы ахадаратә ҵакы амоуп Қырҭтәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара амамзарц.

«Уи аибашьра ахыркәшаразы иреиҕьу хархәагоуп. Аӡәгьы иҭахӡам Қырҭтәылагьы аибашьра иалагарц.  Сара даӡәымкәа аполитикатә лидерцәа срацәажәахьеит, аӡәгьы имҳәеит Қырҭтәылагьы аибашьра аҽаланагалароуп ҳәа. Атәыла аҩныҵҟа аиҿагылареи,  Урыстәыла иадгыло ачарҳәаҩцәа, мамзаргьы «аибашьра апартиа» ҳәа ахьӡ бааҧсы аҭара  —  абри зегьы Қырҭтәыла иаҭахым. Уажәы  Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Украина ацхрааразы еидгылароуп. Ақырҭуаа дара-дара еиҿагылар,  Урыстәыла мацароуп хырҳагара зауа, убри аҟынтә, ақырҭуаа рмодель хада  —  «акзаароуп мчыс иҟоу» иақәныҟәеит ҳәа сгәыҕуеит , — илҳәеит Келли Дегнан.