Келли Дегнан - Қырҭтәыла асанкциақәа еиланагоит ҳәа арҵабыргра ҳамам
Келли Дегнан - Қырҭтәыла асанкциақәа еиланагоит ҳәа арҵабыргра ҳамам

Қырҭтәыла асанкциақәа еиланагоит ҳәа арҵабыргра ҳамам, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан “Итнерпрессниус” аинтервиу аҿы.

Ацҳаражәҳәаҩ лажәақәа рыла, Урыстәылаҟны ҩганкалатәи асанкциақәа алажәгала ҳәа, аофициалтә Вашингтон Қырҭтәыла анапхгара ахаан ақәыӷәӷәомыз. Ари азҵааразы Қырҭтәылаҟны имҩаԥгаз дискуссиа заҵәык Украина ацхыраара зҵааран.

„Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьра иазкны Қырҭтәыла атәылаз иманшәалоу апозициа аннакылеит. Ҳара еилаҳкааит Қырҭтәыла асенситивтә ҭагылазаашьаҿ ахьыҟоу, атәыла аҵакыралгьыл 20% импыҵахалоуп. Ҳара иҳабжьаз адискуссиа Украина ацхыраара аганахьала Қырҭтәылазы иманшәалоу аҭагылазаашьа мацара иазкын. Ақырҭуа жәлари анапхгареи украинаа гәык ала ирзаадырԥшыз ацхыраара аҵак ду аман. Анапхгара рыԥшьгара ала ишьҭыз агенераторқәа, Украиназы ихадаран. Қырҭтәыла инанагӡон жәларбжьаратәи афинанстә санкциақәа. Қырҭтәыла асанкциақәа еиланагоит ҳәа арҵабыргра ҳамам”, -илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.