Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра аргама аҳәамҭақәа ҟарҵеит Украина ишадгыло азы, ҳара агуманитартә цхыраара ду ҳбеит
«Қырҭтәыла аиҳабыра аргама аҳәамҭақәа ҟарҵеит Украина ишадгыло азы, ҳара агуманитартә цхыраара ду ҳбеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.
Келли Дегнан лҳәамҭала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи афорумқа зегьы рҿы еилыкка ахатә позициа аанарҧшит, уи аҵакы ду аман абри иуадаҩӡоу аамҭазы евроатлантикатә уаажәларра адгылара аганахьала.
«Қырҭтәыла аиҳабыра аргама аҳәамҭақәа ҟарҵеит Украина ишадгыло азы, ҳара агуманитартә цхыраара ду ҳбеит. Қырҭтәыла жәларбжьаратәи афорумқа зегьы рҿы еилыкка ахатә позициа аанарҧшит, уи аҵакы ду аман абри иуадаҩӡоу аамҭазы евроатлантикатә уаажәларра адгылара аганахьала. Ҳара акзаара ҳбароуп. Абра Қырҭтәыла, аполиаризациа иаҟәыҵны, Қырҭтәылеи, арегиони евроатлантикатә уаажәларреи рзы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рҿы еидгылароуп. Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы Украина иадгылап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Келли Дегнан.