Келли Дегнан – Қарҭ еиҧшҵәҟьа, Вашингтонгьы ибзианы еилыркаауеит Америка ақырҭуа жәлар рыдгылареи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа иацхрааша ареформақәа рымҩаҧгара ацхраареи ишазыхиоу
Келли Дегнан – Қарҭ еиҧшҵәҟьа, Вашингтонгьы ибзианы еилыркаауеит Америка ақырҭуа жәлар рыдгылареи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа иацхрааша ареформақәа рымҩаҧгара ацхраареи ишазыхиоу

 Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан  Вашингтон дыҟоуп, уаҟа зыҩаӡара ҳараку алидерцәа дырҧылоит.

«Вашингтонынтә салам шәысҭоит.  Абра зыҩаӡара ҳараку алидерцәа сырҧылоит. Амиссиа анапхгаҩцәа есышықәсатәи рконференциаҿы адунеи атәылақәа зегьы рҟынтәи Америка ацҳаражәҳәаҩцәа еизеит. Қарҭ еиҧшҵәҟьа, Вашингтонгьы ибзианы еилыркаауеит Америка ақырҭуа жәлар рыдгылареи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа иацхрааша ареформақәа рымҩаҧгара ацхраареи ишазыхиоу», — иануп Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.

https://www.facebook.com/photo.php?fbid=415918360578103&set=a.300589302111010&type=3