Келли Дегнан – Биӡина Иванишвили ишышьақәирҕәҕәаз ала, аҵыхәтәаны сиҧылеит хәажәкыра 21 рзы, ҳара хаангьы Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьраҿы Қырҭтәыла алахәызаара азҵаара ҳаламцәажәацт, изакәызаалак "ашантаж" иҟамызт
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ишылҳәаз ала, апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьаҭаркҩы Биӡина Иванишвили аҵыхәтәаны диҧылеит хәажәкыра 21 рзы. «Интерпрессниус» иалҭаз аинтервиу аҿы Келли Дегнан ишазгәалҭаз ала, аиҧылараҿы америка-ақырҭуа астратегиатә партниорреи Қырҭтәыла аекономикеи, ашәарҭадареи, адемократиеи аҿиара ацхрааразы Америка аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿақәеи ирылацәажәеит.
Иара убас, ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазгәалҭеит Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьраҿы Қырҭтәыла алахәызаара азҵаара хаангьы ишаламцәажәац.
Ишаҧу ала, хаҭалатәи аиҧыларақәа ирызкны ажурналистцәа ҳрацәажәом, аха, Бизина Иванишвили ишиҳәаз еиҧш, аҵыхәтәаны ҳаиҧылеит хәажәкыр 21 рзы, уи аамышьҭахь ҧыҭраамҭак ҵит. Ҳаиҧылрақәа зегьы америка-ақырҭуа астратегиатә партниорреи Қырҭтәыла аекономикеи, ашәарҭадареи, адемократиеи аҿиара ацхрааразы Америка аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿақәеи ирызкын. Изакәызаалак зҵаарак цәырымҵырц азыҳәан, иааҧҵәаны исҳәар сҭахуп — ҳара хаангьы Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьраҿы Қырҭтәыла алахәызаара азҵаара ҳаламцәажәацт, изакәызаалак “ашантаж” иҟамызт, насгьы, Иванишвили аҧара изиагара аганахьала иҟоу аудаҩрақәагьы ҳрыламцәажәацт. Ари азҵаара иадҳәаланы иара ихаҭа ма абанкқәа шәрыдҵаалар шәылшоит. Америка афинанстә санкциақәа анышьақәнаргыло, ҳара ари атәы аргама ааҳацҳауеит. Аинформациа зегьы Афинансқәа рминистрра авеб-саит иануп. Швеицариатәи абанк аҿы аҧаратә хыҧхьаӡарақәа рылацәажәара ала зҵакы дуу аусура аҟынтә даҽакахьы хшыҩзышьҭра ииаргар рҭахуп. Рашәара 27 рзы ииҩыз ашәҟәы аҟны Иванишвили ишазгәеиҭаз ала, уи иареи афинанстә институти рхатә усуп», — илҳәеит Келли Дегнан аинтервиу аҿы.