Келли Дегнан – Ажурналистцәа рықәларала Қырҭтәыла адемократиа иаҧырхагоу ауааҧсыра зегьы, рполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, ахьырхәра рыҭатәуп
«Ацҳаражәҳәаҩ Дегнан Қырҭтәыла АИХ рзы амчылара дақәыӡбоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Ацҳаражәҳәарҭа Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭа аланарҵәеит:
«Иахьа сара Қырҭтәыла Ажурналистикатә етика ахартиеи Ажурналистцәа рдукатразы акаолициеи ахаҭарнакцәа сыдыскылеит, Қырҭтәыла амедиалагылазаара иазкны ргәаанагара еилыскаар сҭахын.
Амелиалагылазаара аицәахареи, ажурналистцәа рзинқәа рыларҟәреи, рышьҭазаареи, рықәлареи афактқәеи ҳрылацәажәеит.
Адемократиақәа рҿы АИХ рхы иақәиҭзароуп.
Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәеи атәыла ауааҧсыра рзы зҵакы дуу азҵаарақәа раарҧшреи аҿы ажурналистцәа рыцхраара иазку Ахартиа аҽазышәарақәа ирыдгылоит.
Америка ацҳаражәҳәарҭа ажурналистцәа рзы амчылареи ажурналистцәа рышьҭазаареи иақәыӡбоит. Ажурналистцәа ирықәмақаруа, ирықәло ауааҧсыра зегьы ахьырхәра рыҭатәуп.
Ҧхынгәы 5-и 6-и рзы иҟалаз амчылара даҽазнык аанарҧшит амчылара еиҿызкаауа ауаа рхьырхәра аҵакы ду шамоу.
Атәыла анапхгара роуп зхы иақәиҭу, иаарту амедиалагылазаара аиқәыршәаразы аҭак зыҧхықәу.
Ажурналистцәа рықәларала Қырҭтәыла адемократиа иаҧырхагоу ауааҧсыра зегьы, рполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, ахьырхәра рыҭатәуп», — иануп Келли Дегнан лҳәамҭаҿы.