Келли Дегнан – Ажәлар агәра ганы иҟазароуп алхратә лагылазаара шшәарҭам, уи аҵакы ду амоуп
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лҳәамҭала, алхраҧхьатәи алагылазаара ҭынчзароуп, уи аҵакы ду амоуп.
Ацҳаражәҳәаҩ лгәаанагарала, аоппонентцәа рахь агрессиа акәымкәа, алхраҧхьатәи алагылазаара ашәарҭадара азҵаароуп хшыҩзышьҭра ззутәу.
«Қырҭтәыла анормалтә политика иаанаго знымзар зны аҳәара сылшап ҳәа сыҟам. Сара атәыла аиҳабыра иҟарҵаша раҳәара сыхәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Исҳәар исылшо акоуп, алхрақәа аҩбатәи атур азы ишәарҭам алагылазаара еиқәыршәатәуп, ажәлар дара ирҭаху алхра ҟарҵарцаз агәра ганы иҟазароуп аҭагылазаашьа шшәарҭам. Аоппонентцәа ржәылареи, амчылареи, агрессиатә ақәгыларақәеи ракәымкәа, абарҭ азҵаарақәа роуп хшыҩзышьҭра ззутәу ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Дегнан.