Келли Дегнан - «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа дара рхаҭа аилыркаарақәа ҟарҵааит
«Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа дара рхаҭа аилыркаарақәа ҟарҵааит, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа Иракли Кобахиӡеи, Арчил Ҭалакваӡеи, Шалва Папуашвилии еицыҟарҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз. Аҳәамҭа иануп:
«Иламысдоу ачинуаа рымшала, ҳстратегиатә партниор хада ииашам аинформациа иоуеит».
Ажурналистцәа ацҳаражәҳәаҩ илазҵааит абри аҳәамҭа иаанагои ҳәа.
«Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа дара рхаҭа аилыркаарақәа ҟарҵааит. Аха, шәааи, ҳара афактқәа ҳрылацәажәап. Мшаҧы 19 рзы аполитикатә лидерцәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа алырхыр акәын ареформа инарҭбааны, шьаҭанкыла ианалацәажәалак ашьҭахь. «Ақырҭуа гәахәтәи» егьырҭ апартиақәеи абри аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Дарбанзаалак, хар змамшәа иҟоу аиурист ибзианы идыруеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишаанаго уи аҭагылазаашьақәа рықәшаҳаҭхара. Насгьы, иазгәасҭар сҭахуп, Америка 30 шықәса рыҩнуҵҟа Қырҭтәыла иацхраауеит, ҳара Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоу имаҷымкәа апартниорцәа ҳамоуп. Ҳара Қырҭтәыла ақәҿиареи аҿиареи амазарц зҭаху ақырҭуаа рҟны аизыҟазаашьақәа рынагӡара ҳазыхиоуп», — илҳәеит Келли Дегнан.