Келли Дегнан - "Амилаҭтә ҵысра" апарламент аусура рхы аладырхәып ҳәа ҳгәыҕуеит, анапхгаратә партиеи аоппозициеи намысла русеицура Қырҭтәыла иазеиҕьхоит
«”Амилаҭтә ҵысра” апарламент аусура рхы аладырхәып ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
Лара лажәақәа рыла, анапхгаратә партиеи аоппозициеи намысла русеицура Қырҭтәыла иазеиҕьхоит.
«Апарламенттә алхрақәа рышьҭахь, Америка ақырҭуа партиақәа зегьы, ҷыдала Иаку амилаҭтә ҵысра, ирыбжьанагоит апарламент иалаларц, избанзар, ҳгәы ишаанаго аала, ари аҭыҧ шәинтересқәеи шәхәаҧшырақәеи рыхьчаразы иреиҕьу ҭыҧуп. Қырҭтәыла зыргылара аҭаху адемоуратиатә институт шәхы иашәырхәа, Қырҭтәыла ауааҧсыра еиуеиҧшым ргәаанагарақәа аазырҧшыша ахаҭарнакратә парламент аҧышәҵа», — илҳәеит Келли Дегнан.