Келли Дегнан - "Амилаҭтә ҵысра" аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аӡбара ҳадгылоит
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭала, “Амилаҭтә ҵысра” мшыԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аӡбара дадгылоит.
Дегнан лажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра ареформақәа рымҩаԥгаразы амҩатә хсаалоуп, уи Қырҭтәыла аԥеиԥш азы аҵак ду амоуп.
“Амилаҭтә ҵысра” аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аӡбара ҳадгылоит. “Амилаҭтә ҵысра” ахь ааԥхьара ҟаҳҵон аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц. Ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ареформақәа рымҩаԥгаразы амҩатә хсаалоуп, уи Қырҭтәыла аԥеиԥш азы аҵак ду амоуп. Ақырҭуа аполитикатә лидерцәа аиқәшаҳаҭра ахьрылшаз, абри ауп аҵак ду змоу,” – илҳәеит Келли Дегнан.
Иаку амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа Иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Амилаҭтә ҵысра” мшаԥы 19 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра (Шарль Мишель идокумент) рнапы аҵарҩуеит.
Мшаԥы 19 рзы Орбелианиаа рхан аҿы Шарль Мишель апартиақәа ирыдигалаз адокумент анапаҵаҩра мҩаҧысит. «Иаку амилаҭтә ҵысреи» ада, егьырҭ апартиақәа зегьы адокумент рнапы аҵарҩит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь “Ақырҭуа гәахәтәы” адокумент аԥыхра иазку аҳәамҭа ҟанаҵеит.