Келли Дегнан – Агәаанагара акоуп, афакт – даҽакоуп, афактуп Қырҭтәыла Америка аҵкьыс еиӷьу аҩыза шамам
Келли Дегнан – Агәаанагара акоуп, афакт – даҽакоуп, афактуп Қырҭтәыла Америка аҵкьыс еиӷьу аҩыза шамам

Дарбанзаалак ауаҩы ихатә гәаанагара имазар азин имоуп, аха Агәаанагара акоуп, афакт – даҽакоуп, афактуп Қырҭтәыла Америка аҵкьыс еиӷьу аҩыза шамам, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

Дегнан лажәақәа рыла, ЕАШ ацҳаражәҳәара 30 шықәса ирылагӡаны Қыртәыла ацхыраареи, агәабзиарахьчара аиӷтәреи, атәылахьчара аҿиареи, Қырҭтәыла атәылауаа аусура ҭыԥқәа рыла реиқәырҽәареи иаҿуп.

Адгылареи ахылаԥшреи рыла иубарҭоуп ҳаизыҟазаашьақәа зеиԥшроу. Қырҭтәыла ма Аҩны шкәакәаҿ анапхгараҿ иҟоу иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла аманшәалара ҵакыс иамоу ари адгылара ахаан иԥсаххом,» – илҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ.