Келли Дегнан - 30 шықәса ирылагӡаны ЕАШ Қырҭтәыла гәык ала азыҟан, ацхраауан, ашәарҭадара арӷәӷәон, атәыла асуверенитет адгылон, ари фактуп
Адезинформациеи ачарҳәарақәа ртеориеи рацәоуп, 30 шықәса ирылагӡаны ЕАШ Қырҭтәыла гәык ала азыҟан, ацхраауан, ашәарҭадара арӷәӷәон, атәыла асуверенитет адгылон, аекономика аҿиареи еиӷьу аусурҭа ҭыԥқәа реиҿкаареи аус аҿы ацхраауан, ари фактуп, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАш ацҳаражҳәаҩ Келли Дегнан.
„Уажәы Қырҭтәылаҿ иубарҭоуп аекономикатә арбага бзиақәа, ари, хәҭакала, ЕАШ-и, Евроеидгылеи Қырҭтәыла егьырҭ аҩызцәа апандемиаан атәыла азаадырԥшыз адгылара иабзоуроуп. 30 шықәса ирылагӡаны ЕАШ Қырҭтәыла гәык ала азыҟан, ацхраауан, ашәарҭадара арӷәӷәон, атәыла асуверенитет адгылон, аекономика аҿиареи еиӷьу аусурҭа ҭыԥқәа реиҿкаареи аус аҿы ацхраауан, ари фактуп. ЕАШ Қырҭтәыла адгылоит иӷәӷәоу ашәарҭадара, аекономика адемократиатә институтқәа змоу Қырҭтәыла аргылара аус аҿы. Қырҭтәыла евроатлантикатә ҭаацәараҿ аинтеграциа абара ҳара ҳаззегьы рзы гәа́хәара духоит”, – илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.