Кахабер Қемоклиӡе - Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы"  Қарҭ ахада иҭыҧ азы хымҧада ахатә кандидат дықәнаргылоит
Кахабер Қемоклиӡе - Апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы"  Қарҭ ахада иҭыҧ азы хымҧада ахатә кандидат дықәнаргылоит

Қарҭ ахада иҭыҧ азы хымҧада  ҳхатә кандидат дҳамазаауеит, ари азҵаар активла ҳалацәажәоит, — иҳәеит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла  Кахабер Қемоклидзе.

Ақырҭуа оппозициа рҟынтә Қарҭ ахада иҭыҧ азы Ника Мелиа икандидатура ақәыргылара иадҳәаланы Қемоклиӡе ишиҳәаз ала, иара дызлоу апартиа алахәылацәа   «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа икандидатура иадгылом.

«Ҳара Ника Мелиа  ҳидгылом, избанзар аиааира иазықәҧо акандидат ҕәҕәа дҳамазаауеит», — иҳәеит  Кахабер Қемоклидзе.