Каха Калаӡе - Зхатә хымҩаҧгашьала хықәкыла Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ҧырхага шазаарго ззышьақәыргылахо  ауаа зегьы азакәан инақәыршәаны ҕәҕәала иахьырхәхоит
Каха Калаӡе - Зхатә хымҩаҧгашьала хықәкыла Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ҧырхага шазаарго ззышьақәыргылахо  ауаа зегьы азакәан инақәыршәаны ҕәҕәала иахьырхәхоит

Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны аргама исҳәар сҭахуп – ҳтәыла ашәарҭадареи, аполитикатә ҭышәынтәалареи, ажәлар иреиҕьу ринтересқәа рыхьчареи азы аҭак зыҧхықәу ақырҭуа ҳәынҭқарреи, Қырҭтәыла аиҳабыреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи ахаангьы  аҳәаанырцәтәи иҷыдоу амаҵзурақәеи аҭыԥантәи рагентуреи аҳәынҭқарра ашәарҭара иҭадыргыларц, аҳәынҭқарратә интересқәа ирԥырхагахарц азин шрырымҭо, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе авидеоааҧхьараҿы.

Иара иажәақәа рыла, лабҿаба иубараҭоуп Қырҭтәыла иаҿагыланы излагаз агибридтә жәылара Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи амилаҭтә интересқәеи ҧырхага рзаагара ишазку.

BBC арепортажаҿ иарбаз атемақәа данрылацәажәоз Калаӡе ишиҳәаз ала, ахимиатә маҭәашьар  „камит“  атема инаваргыланы, уаҟа иҵегьы имаҷымкәа шьаҭак зҵам ахарадҵарақәа ҟаҵоуп.

„Арепортаж аҿы ашьақәырҕәҕәаратә формала иазгәаҭоуп алхрақәа ҧаршеин ҳәа, аха, уи зыршаҳаҭуа факткгьы иҟам, алхрақәа ахәшьара рызҭо жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа хада аҳасабырба инақәыршәаны, 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рҿы аконкуренциа иҟан, амиссиа алахәылацәа „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхрақәа рҿы аиааира згаз анапхгарас иазхарҵеит. Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, асабырбаҿы еилыккаа иазгәаҭан ақырҭуа жәлар рхы иақәиҭны алхра аҵаҟа алшара шрымаз. Ари арепортаж аҿы амитинг алахәылацәа рганахьала афизикатә қәымчра иалацәажәоит, аха, аҳәаанырцәынтә иазыҟаҵаз, агрессиатә амчыларатә гәыҧқәа аполицаицәа ишрызныҟәоз, апарламент ахыбра хәҭак шырыблыз, аҳҭнықалақь агәҭаны аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи амал шықәырхыз, аполицаицәа  „Молотов икоктеильқәа“ шыргәыдырҵоз, аҧсҭазааразы ишәарҭоу апиротехникала ишреихсуаз азы акгьы рымҳәеит“, – иҳәеит аҳҭнықалақь ахада.

Иара иажәақәа рыла, “камити” егьырҭ иқәиҭыму амаҭәашьарқәеи рхархәара азҵааразы аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа хыркәшоуп, аха аконкреттә хаҿқәа рыла аҳәаанырцәти аиҿкаарақәа аиҕаратә усмҩаҧгатәқәа рҿы ацхыраара рыҭара азҵааразы интенсивла аусеилыргара нагӡахоит.

„Зхатә хымҩаҧгашьала хықәкыла Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ҧырхага шазаарго ззышьақәыргылахо  ауаа зегьы азакәан инақәыршәаны ҕәҕәала иахьырхәхоит “, – иҳәеит Каха Калаӡе.