Каха Калаӡе - Жәларбжьаратәи аиҩызара, Қырҭтәыла атерриториатә акзаара иадгылоит, абри ауп ихадароу
Ари аӡбара иазкны ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Урыстәыла ампыҵахаларатә режим аӡбара данахцәажәоз.
Ажурналистцәа Каха Калаӡе азҵаара изықәдыргылеит импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара иазкны. Импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ари атәы ааицҳаит аҭыжьымҭа „Известия“ аинтервиу анаиҭоз ишааицҳаз, Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп, Урыстәылеи Аҧсны асепаратисттә режими иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит.
Каха Калаӡе иажәақәа рыла, Жәларбжьаратәи аиҩызара, ҳаамҭазтәи адунеи Қырҭтәыла атерриториатә акзаара иадгылоит, абри ауп ихадароу.
„Ари аҳәамҭа макьана самыԥхьеит, аха уи иазкны ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит. Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала импыҵахалоуп. Аха жәларбжьаратәи аиҩызара, ҳаамҭазтәи адунеи Қырҭтәыла атерриториатә акзаара иадгылоит, абри ауп ихадароу“, –иҳәеит Калаӡе.