Каха Калаӡе – Саргьы абри ааҧхьара сақәшаҳаҭуп, "урыстәылатәи азакәан мап ацәаҳкуеит", ҳара, хымҧада, абри ақырҭуа закәан ҳадаҳкылоит
«Саргьы ари ааҧхьара сақәшаҳаҭуп, “урыстәылатәи азакәан мап ацәаҳкуеит”», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ашьапылампыласҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
«Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект данахцәажәоз Калаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара ахаангьы урыстәылатәи азакәанқәа рыдыркылом, зыӡбахәы ҳәоу азакәан ақырҭуа закәануп, уи хымҧада ирыдыркылоит.
«Саргьы ари ааҧхьара сақәшаҳаҭуп, “урыстәылатәи азакәан мап ацәаҳкуеит”, ҳара, хымҧада, абри ақырҭуа закәан ҳадаҳкылоит. Ҳәарада, Қырҭтәылаҿ урыстәылатәи азакәан ахаангьы ирыдрымкылацт, егьрыдыркылом. Аартызаара иазку азакәан – ақырҭуа закәануп, уи ҳтәыла аинтересқәеи аҧеиҧши рыхьчара иазкуп. Ари азакәан хымҧада иҳадаҳкылоит», — иҳәеит Каха Каладзе.