Каха Калаӡе  - Сара сзы, иахьсыдгыло ма иахьсыдымгыло   ҳәа  2 Қарҭк иҟам, сара сзы Қарҭ заҵәык ауп иҟоу, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳаиҷаҳароуп
Каха Калаӡе  - Сара сзы, иахьсыдгыло ма иахьсыдымгыло   ҳәа  2 Қарҭк иҟам, сара сзы Қарҭ заҵәык ауп иҟоу, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳаиҷаҳароуп

Сара ибзианы еилыскаауеит узлагаз аус, ареформақәа,  апроектқәа, иахьазы Қарҭ иаҭаху апланқәа зегьы аҩбатәи аҿҳәарала рынагӡара аҭакҧхықәра ду шацу,  — иҳәеит анапхгаратә партаиа аҟынтә  Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидат Каха Калаӡе ажәлар рахь ааҧхьара аныҟаиҵоз.

Иара иажәақәа рыла, ацәгьареи, ацәымҕреи, амцҳәареи аҵарханы, ажәлар реиҟәшара аҵыхәа ҧҵәатәуп.

«Сара сзы, иахьсыдгыло ма иахьсыдымгыло ҳәа  2 Қарҭк иҟам, сара сзы Қарҭ заҵәык ауп иҟоу, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳаиҷаҳароуп.  Ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы,  абри ақалақь ҳарҧшӡароуп,  иҳарманшәалароуп,  ишәамҭам қалақьс иҟаҳҵароуп.

Агәра ганы сыҟоуп жьҭаара  30 рзы қарҭаа даҽазнык ишаадырҧшуа ацәгьареи,  ацәымҕреи,  амцҳәареи,  аилаҩынтәреи ишақәшаҳаҭым,  ахақәиҭреи,  аҭынчреи,  аҿиареи ишадгыло», — иҳәеит Каха Калаӡе.