Каха Калаӡе  - Сара Қарҭ азы исылшо зегьы ҟасҵоит, избанзар уи зегьы иреиҕьу ақалақьс  иҟазаара ақәнагоуп
Каха Калаӡе  - Сара Қарҭ азы исылшо зегьы ҟасҵоит, избанзар уи зегьы иреиҕьу ақалақьс  иҟазаара ақәнагоуп

«Қарҭ  зегьы иреиҕьу ақалақьс  иҟазаара ақәнагоуп», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалитет аилатәараҿы.

Калаӡе иҳамҭала, уажәазы амҩақәа рҿы аиҧынгылара иадҳәаланы апроблемақәа иҟоуп, аха, иара илшо зегьы ҟаиҵоит аҳҭнықалақь зегьы рыла еиҿкаазарц азыҳәан.

«Уажәазы амҩақәа рҿы аиҧынгылара иадҳәаланы апроблемақәа иҟоуп, аха, уигьы  мзызк амоуп  — аинфраструктуратә проект дуқәа.  Амҩақәа зегьы  еиҿкаазар сҭахуп,  аха, макьана апроблемақәа иҟоуп.  Сара Қарҭ азы исылшо зегьы ҟасҵоит, избанзар, ари ақалақь иснаҭаз рацәоуп.  Сықәҿиарақәа зегьы абра иалагеит. Ари ақалақь  зегьы рыла иреиҕьу ақалақьс иҟазаарц ақәнагоуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.