Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, иара аполитика далҵуеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.
«Сара «Ақырҭуа гәахәтәы» амаӡаныҟәгаҩ хадас сыҟоуп. Аамҭакала, аҳҭнықалақь сахагылоуп. Аҳҭнықалақь ауааҧсыра реиҳара исыдырҵаз аҧхықәрақәа насыгӡоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.