Каха Калаӡе - Саломе Зурабишвили лхартиа ишьақәнарҕәҕәоит аоппозициатә партиақәа командак ишалоу, аӡәы инапаҵаҟа ишыҟоу
Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, аоппозициаа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ицәырылгаз «Ақырҭуа Хартиа» иахьадгылаз игәаҧхоит.
Калаӡе иажәақәа рыла, ари афакт ишьақәнарҕәҕәоит аполитикатә партиақәа зегьы командак ишалоу.
«Рызынтәгьы платформак иқәгылоуп, уи даараӡа ибзиоуп, избанзар, ари афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит аоппозициатә партиақәа зегьы «Амилаҭтә ҵысра» ашьаҭала еиҿкаау командак ишалоу, ҳара уаанӡагьы уи ҳҳәон. Дара рыхьӡқәа еиҧшымзаргьы, командак иалоуп, аӡәы инапаҵаҟа иҟоуп. Атәыла ахада лыӡбарагьы уи шьақәнарҕәҕәеит. Дара алиберализм ала зхаҿсахьа зҵәахуа фашистцәоуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.