Каха Калаӡе - Қырҭтәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа рыҧхасҭахаразы изакәызаалак мзызк иҟам
Қарҭ ахада Каха Калаӡе игәаанагарала, Қырҭтәылеи Америкеи, Қырҭтәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа рыҧхасҭахаразы изакәызаалак мзызк иҟам.
Қарҭ ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Америкатә Сенатаҿ Қырҭтәыла азҵаара иадҳәаланы имҩаҧысраны иҟоу адебатқәа ирыдҳәаланы Калаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аусеицура иазыхиоуп.
Қырҭтәыла адемократиатә шьаҿақәа рыҟаҵара иаҟәыҵит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы Калаӡе ишиәҳаз ала, арҭ ахарадҵаракәа ииашам.
«Шәхахьы ишәзаагома, аартызаара иазку азакәан адемократиатәи европатәи апринципқәа ирышьашәалам ҳәа ҳарҳәеит. Ҳтәыла ауааҧсыра абри зегьы ибзианы ирбоит. Қырҭтәыла аиҳабыра ҳтәыла иазеиҕьу ауп иҟарҵо, ҳтәыла аинтересқәеи аҧеиҧши рыхьчоит, иахьа Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳара ҳҿгьы иҟамларцаз», — иҳәеит Каладзе.