Каха Калаӡе - Қырҭтәыла иарбанзаалак ҳынҭқаррак губерниас ма штатс изыҟалом, ихьыҧшым атәыла ҳауп, ҳхатә Конституциа ҳамоуп
Қырҭтәыла ахатә Конституциа амоуп, ахатә закәанқәа амоуп, ауааҧсыра зегьы урҭ пату рықәырҵароуп, – иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ветинг асистема иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Иара иажәақәа рыла, аконкреттә политикатә мчқәа, ари атема рхы иархәаны, аӡбаратә мчразы ахылаҧшра шьақәдыргылар рҭахуп.
„Ажәҩани адгьыли ишеиҧшым еиҧш, убасҵәҟьа еиҧшым ҧасатәи ашықәсқәа рзы, „Амилаҭтә ҵысра“ рхаан иҟаз аӡбаратә системеи иахьатәи аӡбаратә системеи. Ари азҵааразы аҭак ҟаҳҵар ҳалшоит астатистика алагьы. Ишубарҭоу ала, аконкреттә политикатә мчқәа, ари атема рхы иархәаны, аӡбаратә мчразы ахылаҧшра шьақәдыргылар рҭахуп. Зегьы еилкаауп, зегьы аадыруеит, атәылаҿ абри аҩыза акампаниақәа аҧара шырзоурыжьҭуа аадыруеит. Абри зегьы зыҟарҵои. Ақырҭуа жәлар зегьы еилыркаауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Қырҭтәыла ахатә Конституциа амоуп, ахатә закәанқәа амоуп, ауааҧсыра зегьы урҭ пату рықәырҵароуп. Ҳазхылҵыз ауаа ҳтәыла ахьыҧшымразы ршьа карҭәеит. Ахьыҧшымра хымҧада ихьчазароуп. Қырҭтәыла иарбанзаалак ҳынҭқаррак губерниас ма штатс изыҟалом, ихьыҧшым атәыла ҳауп, ҳхатә Конституциа ҳамоуп. Ирҭаху ирҭахыму, абри зегьы пату ақәырҵароуп“, – иҳәеит Каха Калаӡе.