Каха Калаӡе – Қырҭтәыла атәылауаа зегьы абжьыҭира азин рымазаауеит, аха, уи азыҳәан Қырҭтәылаҟа аара рықәшәоит
Қырҭтәыла атәылауаа зегьы абжьыҭира азин рымазаауеит, аха, уи азыҳәан Қырҭтәылаҟа аара рықәшәоит, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Алхратә закәанеидкыла иалало аҧсахрақәа ирызкны ианиазҵаа.
Иара иҳәамҭала, аемигрантцәа абжьыҭира азин рымырхуазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.
«Ари аинформациа ииашам, аемигрантцәа абжьыҭира азин рымырхуазшәа ирҳәо зегьы мцуп. Ҳәарада, аемигрантцәа зегьы абжьыҭира азин рымазаауеит, аха, абжьыҭиразы Қырҭтәылаҟа аара рықәшәоит. Ҳтәыла аҿыҵәҟьа адәныҟатәи аҽалагалара ҳбоит, Америкагьы ари аганахьала иҟоу апроблемақәа ирылацәажәахьеит. Иџьоушьаша акгьы иҟам, атәылауаа алхрақәа рҽалархәра рҭаххар, Қырҭтәылаҟа иааны абжьыҭира рҽаладырхәоит», — иҳәеит Қарҭ ахада.
Иара ишазгәеиҭаз ала, аҳәаанырцәынтә Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара атәылаз ишәарҭоуп.
Қарҭ ахада ишиҳәаз ала, алхрақәа рахь шаҟаҩы инеиуа акәӡам аус злоу, зегьы реиҳа ихадоу — атәыла ашәарҭадара аиқәыршәароуп.