Каха Калаӡе  - Қырҭтәыла анапхгара рхатә ҧҟарақәа рыла ихәмаруеит, европаа аполитикатә аӡбара рыдыркылар, астатус ҳарымҭан,  рхазы иаанрыжьааит
Каха Калаӡе  - Қырҭтәыла анапхгара рхатә ҧҟарақәа рыла ихәмаруеит, европаа аполитикатә аӡбара рыдыркылар, астатус ҳарымҭан,  рхазы иаанрыжьааит

Қарҭ ахада Кахи Калаӡе иҳәамҭала, евроинтеграциа апроцессаҿы Қырҭтәыла анапхгара рхатә ҧҟарақәа ирықәныҟәоит. Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Европарламент адепутат  Андриус  Кубилиус иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.    «Мҭавари архи» аефираҿ Кубилиус иҳәеит: «Ҳара  Қырҭтәыла анапхгара рахь, «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь еилыккаа ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ҳаҧҟарала  ахәмарра шәҭахымхар, акандидат астатус шәоуӡом».

«Уи ахәмара хәҭак ауп, дара ашантаж ҳзыруеит, ҳуааҧсырагьы уи рбоит.  Евроинтеграциа апроцессаҿы Қырҭтәыла анапхгара рхатә ҧҟарақәа ирықәныҟәоит, раҧхьа иргыланы, атәыла аинтересқәа ирызхәыцуеит. Ҳаиҳабыра абри иуадаҩӡоу апроцессаҿ иаҭаху зегьы ҟарҵоит. Аха, дара аполитикатә аӡбара рыдыркылар, астатус ҳарымҭар, рхазы иаанрыжьааит. Сара изныкымкәа исҳәахьеит абри зегьы Михаил Саакашвили Қырҭтәылаҟа иаагаразы иқәдыргылаз аспектакль шакәу. Дара атәыла аҩныҵҟа аиҿагылареи аҳәынҭқарратә аарҳәреи еиҿыркаар рҭахын. Европарламент алахәылацәақәак Қырҭтәыла аиҳабыра ирықәшаҳаҭым,  избанзар ҳтәыла анапхгара аибашьра рҽаларымгалеит,  ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа рыхьчоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.