Каха Калаӡе - Қырҭтәыла аибашьра алагом, аибашьра аҽаланагалом, Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартхом
Каха Калаӡе - Қырҭтәыла аибашьра алагом, аибашьра аҽаланагалом, Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартхом

Қырҭтәыла аибашьра алагом, аибашьра аҽаланагалом, Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартхом, Қырҭтәыла асанкциақәа аланагалом, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

“Ҳара атуристцәа рҭаара ҳадгылоит, апроблема ҳамам. Аилахәырак ма хазхаҭалатәи хаҿык асанкциа аҵаҟа ақәшәар, Қырҭтәыла азакәани аконституциеи шьаҭас аҭаны ари ақәҿыҭра аиуеит. Ҳара иҳамоуп аконституциа, иҳамоуп азакәан, азакәан еилазго иарбанзаалак ахаҿы иганахьала иашьашәало ақәҿыҭра ҟалоит”, – иҳәеит Калаӡе.