Каха Калаӡе - Қырҭтәыла анапхгара ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчоит, атәыла анҭыҵ иҩу асценари зынагӡахом
Иахьа зегьы лабҿаба ирбеит ҳара акыраамҭа аргама ҳазлацәажәоз шиашоу, аоппозициаа алхрақәа ракәымкәа, алхрақәа рышьҭахь аҳәынҭқарратә аарҳәреи, аилаҩынтәреи, ауааҧсыра реиҿагылареи азы рҽазыҟарҵон, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи аилатәараҿы.
Калаӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара атәылеи ауааҧсыреи ринтересқәа рыхьчоит.
„Атәыла анапхгара Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара рыгәрагареи рыдгылареи рымоуп. Алхрақәа раан 1 120 000ҩык ауааҧсыра аҭынчреи, мышхәыбзазареи, атәыла аекономикатә аҿиареи, ҳаҭырла Европа алалареи иадгылеит, арҭ ауаа даҽазнык ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Қырҭтәыла анапхгара ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчоит, атәыла анҭыҵ иҩу асценари зынагӡахом. Абри асценари аҧыхразы атәыла анапхгара ашьаҿақәа рацәа ҟарҵеит, аартызаара иазку азакәан адкыларагьы уахь иналаҵаны. Иахьа ишубарҭоу еиҧш, ҳуааҧсыра ринтересқәа рыхьчаразы ари ашьаҿа хымҧада иҟаҵатәын. Иахьа лабҿаба иубарҭахеит ҳара аартызаара ҳзаҳәоз, ҳуааҧсыра зегьы абри зегьы ибзиаӡаны ирбеит, уажәшьҭа дара рхалагьы анализ ҟарҵар рылшоит. Иахьа зегьы лабҿаба ирбеит ҳара акыраамҭа аргама ҳазлацәажәоз шиашоу, аоппозициаа алхрақәа ракәымкәа алхрақәа рышьҭахь аҳәынҭқарратә аарҳәреи, аилаҩынтәреи, ауааҧсыра реиҿагылареи азы рҽазыҟарҵон.
Мышқәак раҧхьа, абҵара 28 рзы аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы ибзианы иаарҧшын ҳара евроинтеграциа апроцесс шынаҳагӡо. Иара убас, иаҵшьны иазәгаҭан ҳара есымша ашантаж ҳзырур шаҳҭахым, ҧаса акандидат астатусла ашантаж ҳзыруан, уажәы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаарала. Ари азҵаара инарҭбааны ҳалацәажәеит. Иахьа иҟоу ззеилымкааз аӡәгьы даанымхеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аханатә зегьы ирзеилымкаазар ҟалап, цқьа аилыркаарақәа ҳзыҟамҵазар ҟалап, аха, аҵыхтәантәи амшқәа рзы, евроинтеграциа азҵаара иадҳәаланы есымша, инараҭбааны аилыркаарақәа ҟаҳҵоит. Зегьы еилкаауп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара зхы пату ақәызҵо ажәлар ҳауп, идуӡӡоу атрадициақәеи, акультуреи, аҭоурыхи ҳамоуп, уи ҳгәы аздууп, сгәы ишаанаго ала, убри азоуп европатәи аҭаацәара ҳара ҳахь аинтерс ду заанарҧашуа“, – иҳәеит Калаӡе.