Каха Калаӡе  – Ҧшәымак даҽа ҧшәымак ила иҧсахра ахақәиҭреи адемократиеи ауп ҳәа аӡәыр игәы иаанагозар, ус акәӡам ишыҟоу
Каха Калаӡе  – Ҧшәымак даҽа ҧшәымак ила иҧсахра ахақәиҭреи адемократиеи ауп ҳәа аӡәыр игәы иаанагозар, ус акәӡам ишыҟоу

 

«Ҳазынтәгьы  Европа ҳҭахуп, аха, раҧхьа иргыланы, ҳтәылаҿы Европа иҟазар ауп иаҳҭаху», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа рызҵаара аҭак анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара Европа зықәгылоу ахадаратә принципқәа рыхьчоит.

«Ҳазынтәгьы Европа ҳҭахуп. Шәгәы ишҧаанаго, сара Европа сҭахӡами? Аха, раҧхьа иргыланы, Европа Қырҭтәыла иҟазар ауп иаҳҭаху.  Ҳара европаа реиҧш ҳанхалароуп, ҳтәылаҿ ҳанхалароуп.  Европа закәызеи, принципқәас иамои: аиашара, даҽа гәаанагарак азхаҵара,  ажәа ахақәиҭра, ахатәра азин ахьчара, абизнес ахақәиҭра. Абарҭ апринципқәа роуп ҳаргьы ҳзықәныҟәо.  «Европа сҭахуп», «европатәи аҧеиҧш сҭахуп» ҳәа анаҳҳәо, уи иаанагом ҳтәыла, ҳҳәынҭқаррара  мап ацәаҳкроуп ҳәа. Ҳара ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ҳарзықәҧон. Ари ақәҧара иахьагьы инагӡоит.  Ҧшәымак даҽа ҧшәымак ила иҧсахра ахақәиҭреи адемократиеи ауп ҳәа аӡәыр игәы иаанагозар, ус акәӡам ишыҟоу», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Ажурналистцәа Каха Калаӡе иазҵааит ашьапылампыласҩы  Гьаргь Коҷорашвили иаб Роин Коҷорашвили асоциалтә аҳаҿы иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы.

«Уи уамашәа изыжәбеи? Роин Коҷорашвили «Амилаҭтә ҵысра» дрыдгылоит, проблемак жәбома? Сара саасҭа иаҳа еиҕьны ижәдыруеит  Роин Коҷорашвили  «Амилаҭтә ҵысра» дышрыдгыло,  Гахариа ипартиа дахаҭарнакуп. Уи уамашәа изыжәбаз сзеилкаауам», — иҳәеит  Каха Калаӡе.