Каха Калаӡе  - НАТО алахәызаара мацароуп Қырҭтәыла ашәарҭадара ахьчара зылшо, ҳара иаарту ашә ҳҭахым, акыр шәылшозар, ҳтәыла Алианс ашҟа ишәыдышәкыл
Каха Калаӡе  - НАТО алахәызаара мацароуп Қырҭтәыла ашәарҭадара ахьчара зылшо, ҳара иаарту ашә ҳҭахым, акыр шәылшозар, ҳтәыла Алианс ашҟа ишәыдышәкыл

«НАТО алахәызаара мацароуп Қырҭтәыла ашәарҭадара ахьчара зылшо», — иҳәеит Қарҭ ахада Кахи Калаӡе иара ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Ажурналист Калаӡе диазҵааит уажәааны аларҵәара зауз аинформациа иазкны, ари аинформациа инақәыршәаны,  Қырҭтәыла анапхгара Америка атәылахьчара аминистр  Ллоид  Остин  америкатә база аартразы мап ицәыркит.

Кахи Калаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла НАТО алалара иазыхиоуп,  «аӡбара рыдыркылар, ҳтәыла Алианс ашҟа ирыдыркылароуп».

«Ирҳәо сыздырӡом, абри аҩыза афакт иҟамызт. Шәара аконкреттә официалтә шәҟәык шәымазар, ицәырыжәгар шәылшоит. НАТО алахәызаара мацароуп Қырҭтәыла ашәарҭадара ахьчара зылшо, ҳара изныкымкәа аргама иҳҳәахьеит Алианс алалара ҳшазыхиоу, ҳара  иаарту ашә ҳҭахым. Акыршықәса ҵуеит ашә аартуп ҳәа аҳәара иаҿужьҭеи. Иаарту ашә акәӡам иаҳҭаху, акыр шәылшозар, ҳтәыла Алианс ашҟа ишәыдышәкыл, уи даараӡа имариоуп», — иҳәеит Каха Каладзе.