ЭАполитикатә кризис змоу “Амилаҭтә ҵысроуп”, – иҳәеит аҳҭнықалақь ахадла Каха Калаӡе Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
Калаӡе иажәақәа рыла, изаамҭаным алхрақәа рыхцәажәара иабсурдуп.
“Атәыла аргылара, аҿиара, аекономикатә ҿиара иаҿуп, изаамҭаным алхрақәа иабсурдуп, алхрақәа 2024 шықәсазы мҩаԥысуеит, ари аконституциала иазыԥхьагәаҭоуп. Аполитикатә кризис изҭагылоу аоппозициаа роуп“, – иҳәеит Калаӡе.
“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, ишьақәгылоу аполитикатә кризис аҭыԥқәҵаразы Қырҭтәыла изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгатәуп.