Каха Калаӡе  - Иракли Ҕарибашвили - акыр иаҧсоу дҧыза-министруп, иара зҵакы дуу аусқәа ҟаиҵоит
Каха Калаӡе  - Иракли Ҕарибашвили - акыр иаҧсоу дҧыза-министруп, иара зҵакы дуу аусқәа ҟаиҵоит

Қарҭ ахада  Кахи Калаӡе иҳәамаҭала, апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе иаҭаху зегьы ҟаиҵоит апартиа ақәҿиара амазаарц азыҳәан.

Ажурналистцәа Калаӡе иазҵааит Иракли Ҕарибашвили апартиа напхгаҩыс дҟарҵома ҳәа. Қарҭ ахада ишиҳәаз ала,  апартиа ахантәаҩгьы аҧыза-министргьы иахьыҟоу аҭыҧқәа рҿы ибзиаӡаны аус руеит, убри аҟынтә, акадртә аиҭакрақәа рымҩаҧгара ргәы иҭам.

«Апартиа  ахантәаҩы бзиа дамоуп, Иракли Кобахиӡе иаҭаху зегьы ҟаиҵоит апартиа ақәҿиара амазаарц азыҳәан.  Иракли Ҕарибашвилигьы –   акыр иаҧсоу дҧыза-министруп, иара зҵакы дуу аусқәа ҟаиҵоит, атәыла зехьынџьара  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа рацәа мҩаҧысуеит, иареи аиҳабыра алахәылацәеи ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.