Каха Калаӡе иҳәамҭала, анаҧшратә миссиа „Сара сыбжьы“ иаланаҵәаз аҳәамҭа мцуп, провокациоуп
Амцҳәареи апровокациеи, – аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе анаҧшратә миссиа „Сара сыбжьы“ иҟанаҵаз аҳәамҭа абас дахцәажәеит. Зыӡбаҳәы ҳәоу аҳәамҭа инақәыршәаны, анапхгаратә гәыҧ ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа рҟынтә хазхаҭалатәи аномерқәа иаҳәоит.
Каха Калаӡе иҳәамҭала, алхраҧхьатәи аҭагылазаашьа инарҭбааны иарбоуп ОБСЕ/ОДИР аихшьаалаҿы, уаҟа ишазгәаҭоу ала, алхраҧхьатәи аамҭа ҭынч имҩаҧысуеит.
„Арҭ ауаа изусҭцәоу ҳамдыруеит – абжьааҧнытә активистцәеи арадикалтә гәыҧқәеи роуп, иахьа дара атәыла аҕацәа реиҧш рхы аадырҧшуеит. Изакәытә фактқәоу шәызлацәажәо?! Абар, ОБСЕ/ОДИР аихшьаала ицәыргоуп, уаҟа инарҭбааны аҭагылазаашьа иарбоуп. 2012 шықәса инаркны алхрақәа срылахәып, абри аҩыза аихшьаала раҧхьаӡа избоит. Еснагь аиҿагыларақәеи апроблемақәеи иҟан, атәылаҿы абри аҩыза аҭынчратә алхрақәа иҟамызт, „Сара сыбжьы“, „Сҩыза ибжьы“, „Саб иашьаиҧа ибжьы“ уҳәа, џьоукы агаӡара рҳәоит. Уи мцуп, абжьааҧнытә провокациоуп“, – иҳәеит Каха Калаӡе.