Каха Калаӡе идгылаҩцәа дрыҳәеит жьҭаара 30 рзы алхрақәа рахь инеирц
9 шықәса раҧхьа, Биӡина Иванишвили инапхгарла, ақырҭуа жәлар еидгыланы, асистема ҿаасҭа иқәырхит. Ахақәиҭра бзиа избо ажәлар амчылареи, агәымбылџьбареи, ауаҩы иаҳаҭыр аларҟәреи, амцҳәареи иаҿагылеит. Абри аихьӡара хымҧада ихьчатәуп, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаҧысуаз амитинг аҿы.
Каладзе ишиҳәаз ала, жьҭаара 30 рзы амчылареи ацәгьареи ашьаҭала иаҧҵоу аполитикатә мчы аҵыхәа ҧҵәатәуп.
«Жьҭаара 30 рзы ҳара абри аполитикатә мчы аҵыхәа ҧаҳҵәароуп. Адырҩаҽны Қырҭтәыла апрогресс ашҟа зхы рхоу аҳәынҭқарра ҿыц аргылара анагӡара ҳалагароуп… Жьҭаара 30 рзы алхрақәа рахь шәнеи. Шәааи, абри аиааира аҵыхәанӡа инаҳгап», — иҳәеит Каха Калаӡе.