Каха Калаӡе – Иахьа ҳара 2 закәанк рыдкылара акәӡам ҳаззықәҧо, ари ақәҧара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи амилаҭтә принципқәеи рыхьчара иазкуп
Каха Калаӡе – Иахьа ҳара 2 закәанк рыдкылара акәӡам ҳаззықәҧо, ари ақәҧара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи амилаҭтә принципқәеи рыхьчара иазкуп

 

Қарҭ ахада, апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ амаӡаныҟәгаҩ хада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала,  иахьа атәылаҿ апсевдолибералтә пропаганда мҩаҧысуеит, аиашахаҵаратә уахәама иажәылоит, аилаҩынтәра аиҿкаара аҽазкрақәа иҟоуп.

Иара иажәақәа рыла, иахьа Қырҭтәыла  ахьыҧшымреи амилаҭтә принципқәеи рыхьчаразы ақәҧара хада мҩаҧысуеит.

„Ашкәакәа еиқәаҵәоушәа агәра ҳдыргар рҭахуп,  аартызаара цәгьоушәа, ЛГБТ апропаганда бзиоушәа агәра ҳдыргар рҭахуп.  Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Қырҭтәылаҿ шаҟа рҭаху ареволиуциақәа рымҩаҧгара азин рымоушәа, ҳара аҧара ахьынтәаарго ҳҵаар ҟамлоушәа  агәра ҳдыргар рҭахуп.  Иҳаҩсыз мчыбжьқәак даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ироуа аҧара аиҳара Қырҭтәылаҿ агентура арҕәҕәара ишазку.  Ишеилкаахаз ала,  ари аҧара аиҳара  ақырҭанхамҩа, зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ма Кавказтәи аҩны  азы инырхызшәа аарҧшны, даҽа мзызқәак рзы инырхит. Ианырҭахха, абарҭ иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа зегьы амилаҭтә интересқәа ирҿагылеит.

Ҳара, ақырҭуаа, иаартны иҳарҳәоит  ҳтәылаҿ апсевдолибералтә пропаганда, ауахәама ажәылара, анаркотикқәа рпропаганда, арадикализациа  аҧара азоузышьҭуа аилкаара азин ҳамамзшәа.  Ақырҭуа жәлар уи рдыруазар ҟалом ҳәа ҳарҳәеит, аха, ҳара ахаангьы уи ҳақәшаҳаҭхом“, – иҳәеит Каха Калаӡе жәларзегьтәи аизараҿы данықәгылоз.