Каха Калаӡе - Иарбан вандализмзаалак, дарбан аҕазаалак, Қырҭтәыла европатәи ахырхарҭа иаҧырхагахаша мчык иҟам
«Ҳара Европа ҳалахәып, ҳевропеицәоуп — уи иаци иахьеи акәӡам ианалагаз», — иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе Қырҭтәыла апарламент аҧхьа Евроеидгыла абираҟ абылра афакт даналацәажәоз.
«Иарбан вандализмзаалак, дарбан аҕазаалак, Қырҭтәыла европатәи ахырхарҭа иаҧырхагахаша мчык иҟам. Ҳара Европа ҳалахәып, ҳевропеицәоуп — уи иаци иахьеи акәӡам ианалагаз. Раҧхьатәи ареспублика аангьы, ақырҭуаа Европеи европатәи апринципқәеи ирызгәыкын», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Қарҭ ахада аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟалаз амчылара дақәыӡбит.