Каха Калаӡе  - Иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит атәылаҿы аҭынчра ихьчазарц азыҳәан  
Каха Калаӡе  - Иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит атәылаҿы аҭынчра ихьчазарц азыҳәан  

Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала,  иашьашәалоу амаҵзурақәа рҽеидкыланы игылоуп, иаҭаху зегьы ҟарҵоит атәылаҿ аҭынчра ахьчаразы.

Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  „Амилаҭтә ҵысра“ алахәыла Деви Ҷанкотаӡе апарламентаҿ иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз. Деви Ҷанкотаӡе ишиҳәаз ала,  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан рыдыркылар атәылаҿ  „даараӡа ихьанҭоу ахҭысқәа ҟалар ауеит“.

„Ашәарҭара ду злоу аҳәамҭа ҟаҵан. Абри аҩыза аҳәамҭақәа рзыӡырҩра даараӡа иуадаҩуп, аха, иашьашәалоу амаҵзурақәа рҽеидкыланы игылоуп, иаҭаху зегьы ҟарҵоит атәылаҿ аҭынчра ахьчаразы. Ҳәарада, арадикалтә гәыҧқәа атәылаҿ аилаҩынтәра еиҿыркаар рҭахуп“, – иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәылаҿ ажәеи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭра ихьчоуп, аха, азакәан аилагара афакт цыҧхьаӡа  азинтә ақәҿыҭра аиуеит.