Каха Калаӡе - Ҳтәыла ауааҧсыра даҽазнык алхра ҟарҵароуп атәыла аҕацәеи, арадикалцәеи, акриминалцәеи, егьи аганхьала – атәыла апатриотцәеи рыбжьара
Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе Аҭынчра асаммитаҿ атәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа Қырҭтәылазы аҵакы ҷыда рымоуп.
„Ҳтәыла ауааҧсыра даҽазнык алхра ҟарҵароуп атәыла аҕацәеи, арадикалцәеи, акриминалцәеи, егьи аганхьала – атәылаҿ аҭынчра ахьчареи, аҿиареи, аекономикатә азҳареи зҭаху ауааи рыбжьара. Уи ахадаратә ҵакы амоуп. Ҳтәыла уааҧсыра алхра ииаша ҟарҵап ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.