Каха Калаӡе - Ҳтәыла анапхгара аҳәаанырцәынтә ианықәдыргылоз аамҭа ахаангьы ихынҳәуам
Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, ақырҭуа жәлар жьҭара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа иазхарҵахьеит. Иара ишазгәеиҭаз ала, Молдовеи Қырҭтәылеи имҩаҧгаз алхрақәа еиҧшымызт.
«Молдова апрезидентәт алхрақәа мҩаҧган, Қырҭтәыла — апарламенттә алхрақәа. Апарламенттә алхрақәа ҳрылацәажәозар, ақырҭуа жәлар — 1 миллион 120 нызқьҩык арҭ алхрақәа иазхарҵахьеит, дара аҭынчреи, ашәҭыкакаҷреи, аҳаҭыри, европатәи аҧеиҧши иадгылеит. Ҳара ақырҭуа жәлар ҳазхарҵеит, уи ауп сара сзы ихадоу. Ақырҭуа жәлар рыдгылара змам, аҳәаанырцәынтә иқәдыргыло арадикалцәа амчра ргар аума ишәҭахыз. Ҳтәыла анапхгара аҳәаанырцәынтә ианықәдыргылоз аамҭа ахаангьы ихынҳәуам», — иҳәеит Каха Калаӡе.