Каха Калаӡе – Ҳажәлар европатәи азакәанқәа роуп ирҭаху, европатәи абиурократиа акәымкәа
Каха Калаӡе – Ҳажәлар европатәи азакәанқәа роуп ирҭаху, европатәи абиурократиа акәымкәа

«Еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аполитикатә нырра ада ҳтәыла аобиективтә ахәшьара анарҭо, Қырҭтәыла еснагь аҧхьагылара змоу атәылақәа рыгәҭа игылоуп. Аха, аполитикатә  нарратив анцәырҵуа, амцҳәареи ақәмақарреи ауп иҳаҳауа», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Евроеидгыла арҭбаара иазкны Еврокомиссиа ицәырнагаз аҳасабырба даналацәажәоз.

Калаӡе иҳәамҭала, ақырҭуа жәлар европатәи абиурократиа акәымкәа, аиашареи, аобиективтә азныҟәашьеи, Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи пату рықәҵареи ауп ирҭаху.

«Ҳара иҳаҳауа аҳәамҭақәа рҿы, бжеиҳарала мцуп иҟоу. Еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аполитикатә нырра ада ҳтәыла аобиективтә ахәшьара анарҭо, Қырҭтәыла еснагь аҧхьагылара змоу атәылақәа рыгәҭа игылоуп.  Ареформақәа рымҩаҧгареи, аекономикатә аҿиареи, абизнес аҟаҵара амариареи, егьырҭ акритериқәеи рыла европатәи атәылақәа рацәа раҧхьа ҳгылоуп. Аха, аполитикатә  нарратив анцәырҵуа, амцҳәареи ақәмақарреи ауп иҳаҳауа. Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит ақырҭуа жәлар европатәи абиурократиа акәымкәа, европатәи азакәанқәа шырҭаху», — иҳәеит  Каха Калаӡе.