Каха Калаӡе – Ҳара ажәалагьы ауслагьы ишьақәҳарҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра Америкаҟны аиҩызареи астратегиатә партниорреи ишазыхиоу, аха, уи атәыла интересқәа мап рыцәкра ахарџьла иҟамлароуп
Қарҭ ахада ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа рырҽеира даналацәажәоз ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Америкаҟны аиҩызареи астратегиатә партниорреи иаазыхиоуп, аха, уи атәылеи ажәлари ринтересқәа мап рыцәкра ахарџьла иҟамлароуп.
Калаӡе ишиҳәаз ала, аартызаара иазку азакәан, ма, ацәгьауцәа абахҭантә роужьҭра иазкны астратегиатә партниорцәа рыла аконкреттә ааҧхьарақәа рыҟаҵара ииашам.
«Астратегиатә партниорра ҳаналацәажәо, аартызаара иазку азакәан «урыстәылатәиуп» ҳәа аҳәара ҟалом, ацәгьауаҩ абахҭантә доушәмыжьҭыр евроинтеграциа апроцессаҿ ауадаҩрақәа шәымазаауеит ҳәа ианҳарҳәо уи ииашам. Ҳара ажәалагьы ауслагьы ишьақәҳарҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра Америкаҟны аиҩызареи астратегиатә партниорреи ишазыхиоу, аха, уи атәылеи ажәлари ринтересқәа мап рыцәкра ахарџьла иҟамлароуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.